Апремиа анашьаразы Аҧсны Акультура Аминистрраҟны иаҧҵоу акомиссиа излаӡбаз ала 2019 шықәсатәи апремиа иаҧсахеит:
Адраматургиа ажанр аҟны Валентин Кәаҕәаниа «Сыкәты шкәакәа» азын.
Апоезиа ажанр аҟны Геннади Аламиа ирҿиамҭа «Нарҭашәа» азын.
Апремиа раналшьеит Аҧсны акультура аминистр Е. Арсалиаҧҳа.
Т. Аџьба ихьӡ зху апремиа анашьара мҩаҧгалахоит хышықәса рахьынтә знык. Иаиааиз иранашьахоит аҧаратә ҳамҭа 50.000 нызқь мааҭ.