Республика Абхазия,  г.Сухум,  ул.Лакоба,  21

Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура аминистр Ельвира Арсалиаԥҳа ииубилеи идылныҳәалеит Аԥсны жәлар рартист, "Ахьӡ-Аԥша" Аорден III аҩаӡара занашьоу Арвелод Ҭарба

Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура аминистр Ельвира Арсалиаԥҳа ииубилеи идылныҳәалеит Аԥсны жәлар рартист, "Ахьӡ-Аԥша" Аорден III аҩаӡара занашьоу Арвелод Тарас-иԥа Ҭарба.
Адныҳәалараҟны иаҳәоит:

Акыр иаҧсоу Арвелод Тарас-иҧа!
Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи Рминистрра ахьӡала гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит 65 шықәса шәхыҵра.
Шәара акыр шықәса еиқәырханы иаажәгоит жәлар рдоуҳатә хыҵхырҭа шьаҭаз измоу амилаҭтә хореографиатә ҟазара. Шәҽаҧсашәтәхьеит Аҳәынҭқарраҟны иреиҳаӡоу аҳаҭыртә хьыӡқәа: Аҧсны Жәлар рартист, Ҟарачы-Черқьесски, Аахыҵ-Уаҧстәыла зҽаҧсазтәыз артист, «Ахьӡ-Аҧша» аорден ахҧатәи аҩаӡара занашьоу.
Иахьа напхгара зышәҭо К. Ҭарба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль «Кавказ» анышьақәгыла инаркны арҿиаратә коллектив аихьӡарақәа ҳаракуп, уи аҟны шәылшамҭақәа аҭыҧ ҷыда ааннакылоит.
Ҳаҭыр ҳзақәуп иахьа шәызхагылоу акәашаратә коллектив, Аҧсны еиҧш уи анҭыҵгьы иаанарҧшуа ақәҿиарақәа. Шәымчала еиқәырханы иаажәгоит ахореографиатә композициақәа, уи инаҷыданы Нхыҵ-Кавказтәи ажәларқәа рытрадициа, ркультура шьахәла иаашәырҧшуеит шәыкәашарақәа рҟны.
Ишәзеиҕьасшьоит агәабзиара, агәамч, арҿиаратә гәеизҳара. Шәагымзааит аҧсуа хореографиа, шәнапы злаку аусқәа рҟны аманшәалара шәыцзааит. Шәҭаацәеи шәареи шәеигымзааит Ишәыдысныҳәалоит ҳазҭалаз Ашықәс Ҿыц. Ҽаныбзиала шәнеиааит!

О Министерстве

Министерство культуры Республики Абхазия является центральным органом государственного управления, осуществляющим функции по выработке и реализации государственной политики в сфере культуры, искусства, историко-культурного наследия.

Адрес

Республика Абхазия

384900, г.Сухум, ул.Лакоба, 21

Тел: +7(840) 229-75-42

E-mail: mc_ra@mail.ru

© 2018-2024 Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистрра || Министерство культуры Республики Абхазия ||
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых публицистических, аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя.
Создание и обслуживание сайта :  Агентство Правительственной Связи Республики Абхазия