2017-2019
Аԥсны Аҳәынҭқарра, ақ. Аҟәа, Лакоба им., 21
Апрель 23, 1914 шықәсазы диит аҵарауаҩ-аҭоурыхҭҵааҩ Гьаргь Ӡиӡариа.
Гьаргь Ӡиӡариа – еицырдыруа аԥсуа ҭоурыхҭҵааҩ-кавказҭҵааҩ, арҵаҩы, иналукааша ауаажәларратә усзуҩ, Аԥсны аҭҵаарадырратә, арҵаҩратә, насгьы ауаажәларратә-политикатә ԥсҭазаараҟны аҭыԥ ҷыда ааникылоит.
Гь. Ӡиӡариа аԥсуа ҭоурыхтә наука ашьаҭаркыҩцәа дреиуоуп. Иҭоурыхҭҵааратә усура даналагоз аамҭазы Аԥсны иҟамызт амилаҭтә кадрқәа, апрофессионалтә шьаҭа аҭаны аҭоурых ҭызҵаауаз. Даара ирацәоуп иџьабаа аҭоурыхҭҵаареи аԥсуаҭҵаара егьырҭ ахырхарҭақәеи рҭышәынтәалара аус аҟны.
Гь. Ӡиӡариа икалам иҵыҵит 200 инареиҳаны икьыԥхьу аусумҭақәа, урҭ рахьтә аҭҵаарадырратә усумҭақәа – 70, ашәҟәқәа – 23, аброшиурақәа.
Иԥсҭазаара далҵит 1989 шықәсазы.
Министерство культуры Республики Абхазия является центральным органом государственного управления, осуществляющим функции по выработке и реализации государственной политики в сфере культуры, искусства, историко-культурного наследия.