2017-2019
Аԥсны Аҳәынҭқарра, ақ. Аҟәа, Лакоба им., 21
Ацәыргақәҵа аартуа Аԥсны акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр Ельвира Арсалиаԥҳа иазгәалҭеит:
«Бзиала шәаабеит ацәыргақәҵахь иаҳҭааз зегьы! Азеижәтәи ашықәс даара ибеиоуп аиубилеитә цәыргақәҵақәа рыла. Ҳазҭоу ашықәс алагамҭаз, ианвар мзазы ацәырақәҵала иазгәаҭан Асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла аиубилеи – 80 шықәса ахыҵра. Иара убас ирацәоуп ашықәс нҵәааҵӡа иаҳзыԥшу аиубилеитә усмҩаԥгатәқәа. Иахьа ацәыргақәҵатә зал аҟны иаатит асахьаркыратә ҟазара акыр иазааԥсахьоу, зусумҭақәа Аҳәынҭқарратә галереиаҟны иаарԥшу, зегьы бзиа иаабо, еицырдыруа асахьаҭыхҩы Заур Мықәба ицәыргақәҵа. Ари аретроспектива асахьаҭыхҩы ииубилеи иазкуп.
Ианакәызаалак еснагь азҿлымҳара ацуп абас шықәсырацәала еидкылоу аусумҭақәа рцәыргақәҵа, араҟа иҟоуп аусумҭақәа Аҳәынҭқарратә галереиаҟнытә, иҟоуп аҵыхәтәантәи аамҭазы иаԥҵоу, ижәбоит зегьы тема-темала аамҭа хҵәахала еихшаны ишцәыргақәҵоу.
Заур Мықәба акыр шықәса раԥхьа иҵара хиркәшеит традициала ибеиаз Харковтәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭаҟны. Анаҩс акыр шықәса аус иуан Аҟәатәи асувениртә фабрикаҟны, нас Аҳәынҭқырратә музеиҟны ихадоу сахьаҭыхҩыс. Даара ирацәоуп иааԥсара амузеи атематиматә експозициақәа реиҿкаараҟны.
Ишыжәбо еиԥш, Заур Мықәба иҟазараҟны хырхарҭа хаданы иҟоуп аҿыханҵа, темасгьы аиҳарак ишьҭихуа амилаҭтә тема ауп – амилаҭтә хаҿсахьақәа, Аԥсны аԥсабара уҳәа убас егьырҭгьы. Урҭ зегьы амилаҭтә культура ганрацәала изырбеиоу усумҭақәоуп.
Заур Кока-иԥа, ишәыдысныҳәалоит шәиублеитә цәыргақәҵа аартра, ишәзеиӷьасшьоит ақәҿиарақәа, аҟазарахь агәазыҳәара ду. Еснагь ацәыргақәҵақәа шәрылахәуп, шәҟазара ҳагымхааит. Иҭабуп».
Министерство культуры Республики Абхазия является центральным органом государственного управления, осуществляющим функции по выработке и реализации государственной политики в сфере культуры, искусства, историко-культурного наследия.