Аԥсны Аҳәынҭқарра, ақ. Аҟәа, Лакоба им., 21 

Апрель 22 рзы И. Папсқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә шәҟәыԥхьарҭаҟны имҩаԥысит акциа «Абиблиоаҵх». Хы-шықәса ҵуеит ари акциа мҩаԥыргоижьҭеи, хықәкыс иамоуп  ауаа ашәҟәыԥхьара азҿлымҳара рыҭара. Ашәҟәыԥхьарҭа аихагылақәа зегьы рҟны аҭааҩцәа ирзыԥшын илахҿыхыу апрограммақәа.

Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Аԥсны акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр Ельвира Арсалиаԥҳа, аминистр лхаҭыуаҩ Беслан Гәырџьуа, аминистрра аусзуҩцәа.

Акциа аартуа Ельвира Арсалиаԥҳа иазгәалҭеит:

«Ҳаҭыр зқәу иахьа Амилаҭтә шәҟәыԥхьарҭа иаҭааз, шықәсы рацәала аус азызуа, иазааԥсо! Ишәыдысныҳәалар сҭахуп абри жәларбжьаратәи акциа «Абиблиоаҵх». Акциа хықәкы хадас иамоуп аԥхьара аларҵәара. Ҳара атеатр амш аума, акультуратә ҭынха ахьчара амш аума – жәларбжьаратәи акциақәа иҟоу зегьы ҷыдала ҳрыдгылоит. Иазгәасҭарц сҭахуп, иара Амилаҭтә шәҟәыԥхьарҭа аиҭашьақәыргыларашьҭахь иаатижьҭеи шықәсқәак роуп иҵуа, аха даара активла рҽаладыхәуеит абас еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа. Иахьа ҳаамҭа иашьашәалоу ашәҟәыԥхьарҭа аҟазара ахырхарҭақәа зегьы ахьеимадоу ҭыԥны иҟалеит – алитературеи атеатри,  алитературеи акинои, алитературеи амузикеи уҳәа егьырҭгьы рҽахеидырҳәало аҭыԥ.

Даҽа знык ишәыдыснәыҳәалар сҭахыуп ари амш. Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит. Иахьа даара ирацәоуп зынӡа иқәыԥшу аҭааҩцәа. Сгәы иаанагоит, иахьатәи амш ирызцәырнаго ашәҟәыԥхьарахь абзиабара рыԥсҭазаара зегьы иагәылыргап ҳәа».

Last modified on Maandag, 22 Мшаҧы 2019 20:50

Ажәабжьқәа рархив

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АМИНИСТРРАЗЫ

Министерство культуры Республики Абхазия является центральным органом государственного управления, осуществляющим функции по выработке и реализации государственной политики в сфере культуры, искусства, историко-культурного наследия.

АИМАДАРАҚӘА

Аҧсны Аҳәынҭқарра

384900, ақ. Аҟәа, Лакәаба им. 21

Аҭел: +7(840) 229-75-42.

E-mail: mc_ra@mail.ru

© 2018-2024 Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистрра || Министерство культуры Республики Абхазия ||
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых публицистических, аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя.
Создание и обслуживание сайта :  Агентство Правительственной Связи Республики Абхазия