Аԥсны Аҳәынҭқарра, ақ. Аҟәа, Лакоба им., 21 

Акультура аминистрраҟны имҩаԥысит Т. Шь. Аџьба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа анашьаразы акомиссиа аилатәара

Апрель 4 рзы Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрраҟны имҩаԥысит Т. Шь. Аџьба ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиа анашьаразы акомиссиа аилатәара. Аилатәара иалахәын акультура аминистр Ельвира Арсалиаԥҳа, акомиссиа алахәылацәа.

Аилатәараҟны иазыӡбан апремиа аиуразы аконкурс шаарту ала алаҳәара ҟарҵарц.

 

 

 

Аҳәыҷқәеи ақәыҧшцәеи ирызку алитература арҿиараҿы алагалазы Т. Шь. Аџьба ихьӡ зху Аҧсны Аҳәынҭқарратә литературатә премиа анашьаразы акомиссиа ирыланаҳәоит апремиа аиуразы аконкурс шаарту.

Апремиа ранашьахоит акьыҧхь збахьоу, аҧсуа сахьаркыратә литератураҿы илагала дуны иҟалаз, ауаажәларратә зхаҵара зауз, ахәыҷқәеи ақәыҧшцәеи ирызку аоригиналтә сахьаркыратә ҩымҭақәа (апоезиеи, апрозеи, адраматургиеи ржанрқәа ирыҵаркуа).

Апремиазы иқәыргылазар ҟалоит 2016, 2017, 2018 тәи ашықәсқәа рзы икьыҧхьу арҿиамҭақәа.

Апремиа аиуразы арҿиамҭақәа рықәыргылара азин рымоуп аҵара-ааӡаратә, акультуратә усҳәарҭақәеи, арҿиаратәи, аҟазаратәи еидгылақәеи рколлективқәа, ажурналқәеи, агазеҭқәеи рредакциақәа уҳәа убас егьырҭгьы.

Аконкурс ахь адокументқәа рыдыркылоит абри аҭыӡҭыҧ ала: Аҟәа ақалақь, Лакәаба им. 21, Аҧсны аиҳабыра рыҩны, Аҧсны акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра, Т. Шь. Аџьба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа Акомиссиахь.

Иаҭаху адокументқәа рсиа еилышәкаарц шәылшоит абри аҭел ала +7940–965–91–02.

Last modified on Donderdag, 04 Мшаҧы 2019 15:15

Ажәабжьқәа рархив

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АМИНИСТРРАЗЫ

Министерство культуры Республики Абхазия является центральным органом государственного управления, осуществляющим функции по выработке и реализации государственной политики в сфере культуры, искусства, историко-культурного наследия.

АИМАДАРАҚӘА

Аҧсны Аҳәынҭқарра

384900, ақ. Аҟәа, Лакәаба им. 21

Аҭел: +7(840) 229-75-42.

E-mail: mc_ra@mail.ru

© 2018-2024 Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистрра || Министерство культуры Республики Абхазия ||
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых публицистических, аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя.
Создание и обслуживание сайта :  Агентство Правительственной Связи Республики Абхазия