2017-2019
Аԥсны Аҳәынҭқарра, ақ. Аҟәа, Лакоба им., 21
Адныҳәалараҿы иаҳәоит:
Ҳаҭыр зқәу Валентин Асҭамыр-иҧа!
Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи Рминистрра ахьӡала гәык-ҧсыкала ишәыдаҳныҳәалоит 60 шықәса шәхыҵра.
Шәара акыр шықәса инеиҧынкыланы ааҧсарак ҟамҵакәа аус рыдыжәулоит ажәлар инеимда-ааимдо еиқәырханы иаарго рҿаҧыцтә ҳәамҭақәа реизгареи, рыҭҵаареи, реиқәыршәареи. Уи ахырхарҭа ҳаҧсуа наука аизҳазыҕьараҟны аҭыҧ ҷыда ааннакылоит. Шәнапы иҵшәыжьхьеит имаҷымкәан афольклортә-литературатә материалқәа, уи, ҳәарада, аҧхьаҩцәа гәахәарыла ирыдыркылоит.
Ажәлар рдоуҳа иахылҵыз аҳәамҭақәа аус рыдулара инаҷыданы, шәазааҧсахьеит аҧсуа литература аҭҵаара. Алитература-сахьаркыратә ауаажәларра-политикатә журнал «Алашара» аҟны ишәкьыҧхьуа шәыстатиақәеи, шәыҭҵаамҭақәеи аинтерес рыҵоуп, инарҭбааны иаашәырҧшуеит аҵаки, уи иаҵоу амаӡақәеи.
Шәусумҭақәа хазырҭәаауа акакәны иҟоуп ахәыҷқәа ирызкны иаҧышәҵаз алакәқәа, уи иахьа Аҧсуа драматә театр арепертуар иалоуп. Ҳаҧхьаҟагьы ҳгәыҕуеит ас еиҧш иҟоу арҿиамҭа шьахәқәа раҧҵара шәылшап ҳәа.
Ишәзеиҕьаҳшьоит агәабзиара, ашықәс нҵыра ду, аманшәалара, шәагымзааит иахьа шәнапы злаку арҿиара аус.
Министерство культуры Республики Абхазия является центральным органом государственного управления, осуществляющим функции по выработке и реализации государственной политики в сфере культуры, искусства, историко-культурного наследия.