Аԥсны Аҳәынҭқарра, ақ. Аҟәа, Лакоба им., 21 

Аԥсны акультура аминистр Ельвира Арсалиаԥҳа Аԥсны жәлар рартист Маиа Гьерзмааԥҳа лиубилеи лыдылныҳәалеит

Адныҳәалараҿы иаҳәоит:

Ҳаҭыр зқәу Маиа Џьгәаҭ-иԥҳа!

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистрра ахьӡала ишәыдысныҳәалоит шәиубилеитә ныҳәамш.

Хымԥада иуҳәар алшоит, шәара насыԥ змоу уаҩуп ҳәа, избанзар ииашаҵәҟьаны насыԥ имоуп бзиа иибо аус знапы алаку ауаҩы. Шәара ишәылшеит шәхатәы мҩахәасҭа алхра – шәыԥсҭазаара зегьы азышәкит аԥсуа хореографиа. Шәрылахәын еицырдыруа аԥсуа ансамбльқәа – «Шьараҭын», Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз жәлар рышәаҳәареи рыкәашареи рансамбль. Шәара иаашәыртит акәашаратә ҟазара амаӡақәа. Иарбан кәашара хкызаалагь шәара инашәыгӡоз – «Аураашьа», «Аибаркыра Шьараҭын», «Ауапакәашара» рҟны, иара убас хашҭра зқәым Нарҭаа ран Саҭанеи Гәашьа лхаҿсахьа – иарбанзаалак асценахь шәцәырҵра ахәаԥшҩы игәаҿы гәалашәара лашак еиԥш иаанымхар залшомызт.

Аҭеиҭԥш лаша змоу аԥсуа кәашаратә сцена аҳкәажә, шәара хамеигӡарыла ишәылшоз зегь ҟашәҵеит аԥсуа хореографиатә ҟазара Аԥсны анҭыҵгьы аӡыргаразы, ансамбльқәа шәрылахәны адунеи еиуеиԥшым аҳәынҭқаррақәа рысценақәа шәыршеишеиуан, ахәаԥшҩы аԥсуа кәашарахь агәыбылра изшәырҵысуан.

Шәҟазара ҳараки иаашәырԥшыз ақәҿиара шьахәқәеи ирҳамҭаны иҟалеит ахьӡ ҳаракқәа – Аԥсны Жәлар рартист, Адыга Ареспублика зҽаԥсазтәыз артист, «Ахьӡ-Аԥша» аорден ахԥатәи аҩаӡара.

Ҩаԥхьа шәиубилеи шәыдныҳәало, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, ашықәснҵыра рацәа!
Ҳазҭало Ашықәс Ҿыц ишәзаанагааит агәырӷьареи аманшәалареи!”

Last modified on Donderdag, 26 Ԥхынкәын 2019 09:55

Ажәабжьқәа рархив

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АМИНИСТРРАЗЫ

Министерство культуры Республики Абхазия является центральным органом государственного управления, осуществляющим функции по выработке и реализации государственной политики в сфере культуры, искусства, историко-культурного наследия.

АИМАДАРАҚӘА

Аҧсны Аҳәынҭқарра

384900, ақ. Аҟәа, Лакәаба им. 21

Аҭел: +7(840) 229-75-42.

E-mail: mc_ra@mail.ru

© 2018-2024 Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистрра || Министерство культуры Республики Абхазия ||
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых публицистических, аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя.
Создание и обслуживание сайта :  Агентство Правительственной Связи Республики Абхазия