2017-2019
Аԥсны Аҳәынҭқарра, ақ. Аҟәа, Лакоба им., 21
Октиабр 29 рзы И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аԥсны амилаҭтә библиотекаҿы имҩаԥысит афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аԥсуа литература акафедра адоцент, Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҭҵаарадырратә усзуҩы еиҳабы Тыжын Али Чуреи урыс бызшәала иҭлыжьыз лышәҟә ҿыц «Ҭырқәтәылан аԥсуааи адыгааи рмузыкатә фольклор» аӡыргара.
Хыԥхьаӡарала ари автор аабатәи лышәҟәы ауп.
Тыжын лажәақәа рыла, аԥсуа-адыга диаспора рмузыкатә фольклор иахьа уажәраанӡагьы иҭҵааны иҟам, еиҳаракгьы уи зыхҟьо ҳажәларқәа рҭоурыхтә ԥсадгьыли дареи реимадара ахьыҧсыҽыз ауп. Ашәҟәы аиқәыршәараан лара аус рыдылулеит архивтә хыҵхырҭақәа жәпакы, насгьы хаҭала Ҭырқәтәыла аҭҵаарақәа рацәаны имҩаԥылгеит.
Иазгәаҭатәуп, Тыжын Чуреи 2016 шықәса раахыс Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны адокторантура дшахысуа. Аус здылуло лдиссертациатә темагьы зызку аԥсуааи адыгааи рмузыкатә фольклор ауп. Урҭ лыҭҵаамҭақәа ирыхәҭакхеит зыӡбахә ҳамоу ашәҟәгьы.
Тыжын Чуреи лышәҟәы иахцәажәауа иқәгылаз Амилаҭтә библиотека аиҳабы Борис Ҷолариа иазгәеиҭеит:
«Иахьа зӡыргара мҩаԥааго ашәҟәы «Ҭырқәтәылан аԥсуааи адыгааи рмузыкатә фольклор» – ари даараӡа акрызҵазкуа аинформациа ду згәылоу усумҭоуп. Автор араҟа иҭылҵаауа аԥсуа жәлари адыга жәлари рмузыкатә фольклор мацарагь акәӡам. Лара дазааҭгылоит иара убасгьы аорганологиа, аергологиа, иаалгоит акыр аинтерес зҵоу аҭоурыхтәи аетнографиатәи нҵамҭақәа. Убри аан лхы иалырхәаз алитература ҳалацәажәозар, ахыҵхырҭақәа 300 рҟынӡа инаӡоит».
Ашәҟәы ианыԥшуеит XIX ашәышықәсазы Кавказ ажәларқәа зықәшәаз арыцҳара, ихҵәаны еиуеиԥшым аҳәаанырцәтәи атәылақәа рахь иԥсаҟьаны ишагаз. Аха убри аан иаалырԥшуеит, урҭ егьа мыҟәмабара рхыргазаргьы рмилаҭтә хдырра, рҵас-рқьабз, иааизакны иугозар, ркультура аиқәырхара шрылшаз.
Ашәҟәаҿы автор дазааҭгылоит амамлиукцәа раамҭа инаркны иахьатәи ҳаамҭазынӡа ачерқьес жәларқәа рдиаспора аҭоурых анализ азызуз, иҭызҵааз Иззет Аидемыр имонографиатә усумҭа. Дазааҭгылоит иара убасгьы XII–XIII ашәышықәсақәа рзы Мысра аҵакырадгьылаҿ Амамлиукцәа рҳәынҭқарра ҩышә шықәса инарзынаԥшуа напхгара азҭоз Кавказ ажәларқәа рхылҵшьҭрақәа шракәыз зныԥшуа Кадырбаев иҭҵаамҭагьы. Иазгәалҭоит, аҭоурых аҿы ачерқьес диаспора раԥхьатәи рышьҭа ахьану Мысра шакәу.
Амузыкатә фольклор аҳәаақәа ирҭагӡаны Тыжын Чуреи иаалырԥшуеит аԥсуааи адыгааи рчараушьа атрадициақәеи иахьатәи аамҭеи.
Аҭоурыхҭҵааҩ Руслан Гәажәба иқәгылараҿы игәалаиршәеит иҳаҩсыз ашәышықәса 70-тәи ашықәсқәа инадыркны Аԥсни Ҭырқәтәылеи рыбжьара асалам шәҟәқәа шрыбжьысуаз. Иара иажәақәа рыла, акырынтә изырыҩхьан ҳадиаспора ахьынхо ақыҭақәа рҿы рмилаҭтә ҵасқәа, рқьабзқәа, ркультура еиқәханы ишыҟаз атәы. Аха аиҭанеиааирақәа залыршахомызт.
Руслан Гәажәба излаигәалашәо ала, Ҭырқәтәыла раԥхьаӡа аԥсуа ашәақәа анҵаны Аԥсныҟа иааигеит Игор Григолиа. Анаҩс, 1973 шықәсазы Орҳан Шамбеи Маҳинур Папԥҳаи ачарақәа рҟны 20 инареиҳаны ашәақәа ҭарҩит. Нас еиҳа-еиҳа аимадарақәа шьақәгыло иалагеит. Аха иахьа уажәраанӡа ари атема иазкны хазы шәҟәык, ҭҵаамҭак ыҟаӡамызт. Убри аҟынтә Тыжын Чуреи лышәҟәы акрызҵазкуа лагаланы иҧхьаӡоит.
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аԥсуа литература акафедра аиҳабы, адоцент Диана Џьынџьалԥҳа иазгәалҭеит, Ҭырқәтәыла ииз-иааӡаз аҟабарда ҭыԥҳа, анаҩс зыԥсадгьыл гәакьахь, Ҟабардаҟа ихынҳәны, нас аԥсуаа ирҭацахаз Тыжын Чуреи иахьа ҳажәларқәа еимаздо цҳаны дшыҟалаз:
«Тыжьын Чуреи аԥсуа литература акафедраҿы дарӷьажәҩаны дҳавагылоуп: аҳәаанырцәтәи ачерқьес диаспора рлитературеи аԥсуа-адыга диаспора ретнокультуреи ирызкны алекциақәа дрыԥхьоит. Убри адагьы лхаҭа амузыкатә ҟазара лнапы алакуп, нхыҵ-аахыҵ цҳаны дҳабжьоуп», – лҳәеит Диана Џьынџьалԥҳа.
Аԥсуа литература акафедра адоцент, алитератураҭҵааҩы Лиудмила Хьыбба лакәзар лықәгылараҿы инаҵшьны иазгәалҭеит, амузыкатә фольклор ҭызҵаауа рахьтә ишыҟоу амузыка атәы ззымдыруа, мамзаргьы зынӡа иззеилымкаауа, аха убри аганахьала Тыжын Чуреи даара ишлықәҿиаз.
Аӡыргараҿы Тыжын Чуреи лыҭҵааратә усура иахцәажәауа иқәгылеит иара убасгьы: Цира Габниаԥҳа, Светлана Тапаӷәуаԥҳа, Лиубов Сосналиева, Ҳаири Қәҭарба, Оқтаи Чкотуа уҳәа аӡәырҩы. Ҭырқәтәыла инхо аԥсуа-адыга диаспора аҭоурых иазкны ажәахә ҟалҵеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет астудент Милена Дарсалиаԥҳа.
Ақәгыларақәеи ахцәажәарақәеи рхыркәшамҭазы ажәа рыман Аԥсны жәлар рартист Роза Чамагәуаԥҳа напхгара зылҭо аҭыԥҳацәа ргәыԥ. Урҭ инарыгӡеит аԥсуааи адыга жәлари рашәақәа. Тыжын Чуреи лхаҭа лакәзар, афлеита алырҳәеит.
Министерство культуры Республики Абхазия является центральным органом государственного управления, осуществляющим функции по выработке и реализации государственной политики в сфере культуры, искусства, историко-культурного наследия.