Аԥсны Аҳәынҭқарра, ақ. Аҟәа, Лакоба им., 21 

Иҭыҵит ажурнал «Аҧсны Аҟазара» аномер ҿыц

Геннади Шьаликәа-иԥа ажурнал «Аҧсны Аҟазара» аҭоурых далацәажәо, иазгәеиҭеит иара аԥсуа жәлар амилаҭ хақәиҭратә қәԥараҿы иргаз аиааирақәа ишреиуоу.

Апоет иажәақәа рыла, ажурнал атематикатә шьақәгылашьа, иалоу аҟәшақәа уҳәа шамахамзар аиҭакрақәа ирхымсӡеит, Аԥсны аҟазаратә ԥсҭазаара шаанарԥшыц иаанарԥшуеит.

«Ажурнал раԥхьа аҭыҵра ианалагоз, «Аԥсны аҟазара» ҳәа ахьӡны акьыԥхь абон. Аха шықәсқәак рышьҭахь ажәа «Аԥсны» амхны «Аҟазара» ҳәа ахьыӡҵахеит. Еиҳа ииашоп хәа исыҧхьаӡоит дырҩегь ажәытә вариант ахьӡны ажурнал акьыҧхь иахьабаз. Избан акәзар ажәа «аҟазара» зеиԥш хьӡуп ажәларқәа зегьы рзы, ажурнал атематика инагӡаны иазаарԥшӡом.

Ажурнал аихьӡарақәа ртәы анаҳҳәо, зегь раԥхьаӡа даҳгәалашәоит уи аԥызҵаз, 40 шықәса инеиԥынкыланы напхгарагьы азызуаз апоет Џьума Аҳәба. Иара илиршеит убри аиԥш аҭагылазаашьа аԥҵара, аредакциа амаҵ азызуаз ауаа рыдагьы, аԥсуа интеллегенциа ахаҭарнакцәа зегьы ажурнал аԥсҭазаара иалахәызартә еиԥш», – иазгәеиҭоит аредактор хада Геннади Аламиа.

Ажурнал аномер ҿыц аҿы ианылеит еиуеиԥшым аҟазара ахырхарҭақәа ирызку астатиақәа – асахьаҭыхра, аҿыханҵа, аскульптура, аԥсуа милаҭтә маҭәа аҭоурых, ашәаҳәара, акәашара, жәлар ринструментқәа рҭоурых ирызку астатиақәа, иара убас аҟазараҭҵааҩцәа рҩымҭақәа.

Ажурнал «Аҧсны Аҟазара» Аҧсны акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра иҭнажьуеит. Иҭыҵуеит 1979 ш. раахыс, шықәсык ахь ԥшьынтә.

Ажәабжьқәа рархив

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АМИНИСТРРАЗЫ

Министерство культуры Республики Абхазия является центральным органом государственного управления, осуществляющим функции по выработке и реализации государственной политики в сфере культуры, искусства, историко-культурного наследия.

АИМАДАРАҚӘА

Аҧсны Аҳәынҭқарра

384900, ақ. Аҟәа, Лакәаба им. 21

Аҭел: +7(840) 229-75-42.

E-mail: mc_ra@mail.ru

© 2018-2024 Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистрра || Министерство культуры Республики Абхазия ||
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых публицистических, аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя.
Создание и обслуживание сайта :  Агентство Правительственной Связи Республики Абхазия