Аԥсны Аҳәынҭқарра, ақ. Аҟәа, Лакоба им., 21 

Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура аминистр Ельвира Арсалиаԥҳа Геннади Аламиа ииубилеи идылныҳәалеит

Адныҳәалараҿы иаҳәоит:

«Акыр иаҧсоу Геннади Шьаликәа-иҧа!

Апоет, аиҭагаҩ, аҳәынҭқарратә, ауаажәларратә, аполитикатә усзуҩы, Аҧсныи Урыстәылеи ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәыла, ажурнал «Аҟазара» аредақтор хада. Ҳаҭыр зқәу Геннади Шаликәа-иҧа! Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра ахьӡала ишәыдысныҳәалоит шәиубилеи – 70 шықәса шәхыҵра.

Шәара ҳмилаҭтә-хақәиҭратә қәҧара иалалагылаз шәыруаӡәкуп. Аҧсны азы иуадаҩыз аамҭақәа раан ҳҳәынҭқарра ҧхьаҟа аҧеиҧш аиурзы ишәылшәыршаз шьарда ирацәоуп. Аҧсны Жәлар рфорум «Аидгылара» аиҿкааҩцәа шәыруаӡәкуп, уи афорум ҳажәлар рзын гәышьҭыхганы иҟалеит.

Иазгәаҭатәуп, ҳашьцәа Нхыҵ-Кавказ иқәынхо ҳареи ҳаимадарақәа рырҕәҕәараҿы шәылшамҭақәа акырӡа ирацәоуп. Иахьагьы иҳабжьоу аиашьаратә цҳа шәыхьыӡ адҳәаланы ауп ҳажәлар ишырдыруа.

Иахьа редақтор хадас аус жәуеит ажурнал «Аҟазара» аҟны. Шәнапы иҵшәыжьуа ажурнал, ҳәарада, ақәҿиарақәа ацуп, ҳтәылаҿ имҩаҧысуа акультуратә хҭысқәа инарҭбааны ажурнал ишаныԥшуа агәра ганы ҳаҟоуп.

Ишәзеиҕьасшьоит агәабзаиара, агәамч, аманшәалара, шәыхшареи шәареи шәеигымзааит лассаамҭа. Шәыгәҭакқәа рынагӡараҿы ҳазшаз дышәхылаҧшааит. Шәыррҿиара аус аҟны иреиҳау аихьӡарақәа».

 
 
 
 
 
 
Last modified on Woensdag, 24 Ԥхынгәы 2019 15:00

Ажәабжьқәа рархив

« Ԥхынкәын 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
            1
2 3 4 5 6 7 8
9 10 11 12 13 14 15
16 17 18 19 20 21 22
23 24 25 26 27 28 29
30 31          

АМИНИСТРРАЗЫ

Министерство культуры Республики Абхазия является центральным органом государственного управления, осуществляющим функции по выработке и реализации государственной политики в сфере культуры, искусства, историко-культурного наследия.

АИМАДАРАҚӘА

Аҧсны Аҳәынҭқарра

384900, ақ. Аҟәа, Лакәаба им. 21

Аҭел: +7(840) 229-75-42.

E-mail: mc_ra@mail.ru

© 2018-2024 Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистрра || Министерство культуры Республики Абхазия ||
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых публицистических, аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя.
Создание и обслуживание сайта :  Агентство Правительственной Связи Республики Абхазия