Print this page

Декабр 11 аҽны лирамш азгәалҭоит Роза Чамагәуаԥҳа

10 Ԥхынкәын 2021 307

Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура аминистр Гәдиса Агрба лиубилеи лыдиныҳәалеит авокалтә-инструменталтә ансамбль «Гәында» асахьаркыратә напхгаҩы, «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара занашьоу, Аԥсны жәлар рартист Роза Расим-иԥҳа Чамагәуа.

Адныҳәалараҿы иаҳәоит:

«Ҳаҭыр зқәу Роза Расим-иԥҳа!

Гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит шәиубилеи. Аԥсуа профессионалтә вокалтә ҟазараҿ шәлагаламҭақәа даара ирацәоуп. Аԥсуа жәлар ринструментқәеи жәлар рашәақәеи рӡыргара, ажәлар рыларҵәара акыр џьабаа адыжәбалоит. Абаҩхатәра змоу арҵаҩы, жәлар рҟазарахь ишәымоу абзиабара аҿар ирылашәааӡоит, аҭоурых шьаҭа ду змоу ҳфольклортә музыка ԥхьаҟатәи абиԥарақәа ирзеиқәшәырхоит.

Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аманшәалара, ашықәснҵыра рацәа! Шәҭаацәеи шәареи шәеигымхааит! Аҟазарахь ишәымоу агәыблыра ҿымцәаауа, аԥсуа сцена шәагымхааит!».

Last modified on Vrydag, 10 Ԥхынкәын 2021 12:55