Республика Абхазия, г.Сухум,  ул.Лакоба,  21 

Шьепкин ихьӡ зху атеатртә ҵараиурҭа аҭаларазы Аԥсны абитуриентцәа алхуп

РУСДРАМ ицәырнагеит Шьепкин ихьӡ зху атеатртә ҵараиурҭа аҭаларазы Аҟәа имҩаԥысуаз аԥышәарақәа раан иалырхыз 15-ҩык абитуриентцәа рыхьыӡқәа. Урҭ рахьтә ԥшьҩык ҭыԥҳацәоуп, 11-ҩык арԥарцәоуп. Шьепкин ихьӡ зху Иреиҳау атеатртә ҵараиурҭа азанааҭ "Актиортә ҟазара" ахь аҭаларазы Аҟәа иалырхит 15-ҩык абитуриентцәа. Абри атәы аарыцҳауеит РУСДРАМ асаит аҿы.
Абитуриентцәа ралԥшаара мҩаԥысуан Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артист Алексеи Дубровски напхгара зиҭоз адкыларатә комиссиа аҿаԥхьа изхысуаз аԥышәарақәа рылҵшәақәа рыла. Аԥышәарақәа мҩаԥысуан Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс ҳәынҭқарратә драматә театр аҿы ԥхынҷкәын 2 инаркны. Аԥсуа абитуриентцәа рдыррақәа ргәаҭаразы Аԥсныҟа хықәкыла иааит аԥышәа змоу урыстәылатәи арҵаҩцәа.
Аԥышәарақәа ирхысит ԥшьҩык аҭыԥҳацәеи 11-ҩык арԥарцәеи: Асҭан Агрба, Александр Габлиа, Иракли Делба, Асҭан Џьынџьал, Данил Џьынџьал, Руслан Иванов, Лана Лашәриаԥҳа, Русҭана Лышәԥҳа, Амин Мазлум-оӷлы, Максим Малиа, Ариана Мамацева, Софиа Ҭарԥҳа, Артиом Ҭраԥшь, Давид Ҵулукьиа, Аманда Чепиа.
 
Урыстәылатәи Аҳәынҭқарратә академиатә Театр маҷ иатәу Шьепкин ихьӡ зху Иреиҳау атеатртә ҵараиурҭа (аинститут) – Москва иҟоу ижәытәӡоу театртә школуп. Уи аҭоурых ахы ыҵнахуеит аимператор Александр I официалла 1809 шықәса рзы Москватәи аимператортә театртә ҵараиурҭа анышьаҭаиркыз инаркны. Ақәра дуи ибеиоу аҟазаратә биографиеи ирыбзоураны ари аинститут иахьатәи аамҭазы ҩышә шықәса раахыс аԥышәа еиззырҳауа, асахьаркыратә традициа ӷәӷәақәа змоу иуникалтәу ҵараиурҭоуп.
Last modified on Dinsdag, 14 Ԥхынкәын 2021 10:53

Поиск по Архиву

Архив новостей

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АМИНИСТРРАЗЫ

Министерство культуры Республики Абхазия является центральным органом государственного управления, осуществляющим функции по выработке и реализации государственной политики в сфере культуры, искусства, историко-культурного наследия.

АИМАДАРАҚӘА

Аҧсны Аҳәынҭқарра

384900, ақ. Аҟәа, Лакәаба им. 21

Аҭел: +7(840) 229-75-42.

E-mail: mc_ra@mail.ru