Print this page

Анқәаб анапынҵа ҟаиҵеит Лакоба имузеи аиҭашьақәыргыларазы ахарџьнҵа еиқәдыршәарц

23 Абҵара 2021 211

Александр Анқәаб аилацәажәара мҩаԥигеит акультура аминистр Гудиса Агрба, Аҳәынҭеилакы "Аԥсныргылара" адиректор хада Руаслан Тәанба алархәны аҳәынҭқарратә усбарҭа "Н.А. Лакоба иҭоурых-мемориалтә музеи" ахыбра аиҭашьақәыргылара азҵаарақәа рзы.

Аԥыза-министр Александр Анқәаб анапынҵа ҟаиҵеит Нестор Лакоба имузеи ахыбра аҭагылазаашьа аексперттә хәшьара аҭазарц, аиҭашьақәыргылараз. Анаҩс Аиҳабыра аԥаразоужьра ахыҵхырҭақәа азырԥшаауеит. 

Александр Анқәаб иажәақәа рыла, ахыбра аиҭашьақәыргылара ҳаамҭазтәи ашәага-загақәа ирықәшәозароуп, Нестор Лакобеи егьырҭ арепрессиатә шықәсқәа ирылаӡыз ауааи ирызку архивтә материалқәеи шықәсырацәала рыҵәахра алнаршозароуп.