Print this page

Иԥсҭазаара далҵит еицырдыруа аԥсуа ҵарауаҩ Шоҭа Салаҟаиа

08 Абҵара 2021 206

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра гәалсра дула ирыдышшылоит зыԥсҭазаара иалҵыз Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ, Аԥсны зҽаԥсазтәыз анаука аусзуҩ, Аԥснытәи аҭҵаарадырратә академиа академик, Д. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, «Ахьӡ-Аԥша» Арден II аҩаӡара занашьоу Шоҭа Хьыч-иԥа Салаҟаиа иуацәеи иҭынхацәеи.

Шоҭа Хьыч-иԥа Салаҟаиа – еицырдыруа аԥсуа ҵарауаҩ, афилологиатә наукақәа ркандидат, апрофессор, академик, аԥсуа фольклористикеи нарҭаа репоси рыҭҵаараҟны алагала ду ҟаиҵеит. Иара убас илагала дууп Аԥсуа ҭҵаарадырратә Академиа ашьақәыргылареи аҿиареи.

Last modified on Maandag, 08 Абҵара 2021 15:46