Print this page

Гәдиса Агрба дрыдышшылеит заԥсҭазаара иалҵыз Сергеи Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра Гәдоуҭатәи амузеи адиректор Баҭал Гәынба

25 Нанҳәа 2021 202

Акультура аминистр Гәдиса Агрба дрыдышшылеит заԥсҭазаара иалҵыз Сергеи Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра Гәдоуҭатәи амузеи раԥхьатәи адиректор Баҭал Владимир-иԥа Гәынба иуацәеи иҭынхацәеи. Адышшылараҿы иаҳәоит:

«Иахьа аԥсуа культура ацәыӡ ду аиуит – иԥсҭазаара далҵит Сергеи Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра Гәдоуҭатәи амузеи адиректор Баҭал Владимир-иԥа Гәынба. Гәалсра дула иҳадаҳкылеит Баҭал Гәынба иԥсҭазаара дахьалҵыз. Зхы-зыԥсы иамеигӡоз, зыԥсҭазаара кьаҿ зыԥсадгьыл амаҵ аура иазызкыз Баҭал Гәынба дрылахәын Аԥсны алахьынҵа зыӡбоз ахҭысқәа зегьы, активла далахәын амилаҭтә қәԥара, Аԥсны аибашьра ианалага, раԥхьатәи амшқәа инаркны абџьар шьҭыхны аӷа диҿагылеит. Баҭал Гәынба дреиуан Сергеи Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра Гәдоуҭатәи амузеи ашьаҭаркыҩцәа, анаҩс  директорс дзырҭаз.

Баҭал Гәынба иԥсҭазаара дахьалҵыз – ари цәыӡ дууп иуацәеи игәакьацәеи рнаҩс дыздыруаз зегьы ҳзы, наунагӡагьы ҳгәаҿы даанхоит».

Last modified on Woensdag, 25 Нанҳәа 2021 10:39