Print this page

Гәдиса Агрба амузеи аусзуҩцәа ирыдиныҳәалеит Амузеиқәа жәларбжьаратәи рымш

18 Лаҵара 2021 284

Адныҳәалараҿы иаҳәоит:

"Ҳаҭыр зқәу амузеи аусзуҩцәа!

Гәыкала ишәыдысныҳәалоит Амузеиқәа жәларбжьаратәи рымш. Амузеиқәа аҵак ду рымоуп ауаажәлар рдоуҳатә культура аизырҳараҿы, ирыхьчоит акультуратә ҭынха.

Хацәнымырха шәусура иабзоураны, ҳреспубликаҟны инхо ауааԥсыреи иаҭаауа асасцәеи ирымоуп алшара здаҟам амузеи аекспонатқәа рбара, ҳҳәынҭқарра аҭоурых аҭҵаара.

Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит шәыԥсҭазаара зегьы ззышәкыз шәус гәыкала шәахьазыҟоу, ҳаҭырла шәахьазнеиуа.

Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аманшәалара, шәнапы злаку аус аҟны шәылшарақәа еизҳалааит!"

Last modified on Dinsdag, 18 Лаҵара 2021 11:51