Print this page

Аԥсны акультура аминистр Гәдиса Агрба асахьаҭыхҩы, апоет Нугзар Логәуа ииубилеи идиныҳәалеит

20 Мшаҧы 2021 281

Аԥсны акультура аминистр Гәдиса Агрба акультуреи аҭҵаарадырреи рызҵаарақәа рзы Аԥсны Ахада иабжьгаҩ, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟазара аҟәша адекан, Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла алахәыла, асахьаҭыхҩы, апоет Нугзар Ҷыҷыкәа-иԥа Логәуа ииубилеи идиныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы иаҳәоит:

«Ҳаҭыр зқәу Нугзар Ҷыҷыкәа-иԥа!

Акультура Аминистрра ахьӡала гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит шәиубилеи. Шәара ҳаамҭазтәи аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа иреиӷьу шәырхыԥхьаӡалоуп. Иарбанзаалак шәусумҭа – аҟазара ҳараки абаҩхатәра дуи ирхылҿиааз рҿиамҭақәоуп.

Шәусумҭақәа ҵәахуп Аԥсны Аҳәынҭқарра асахьаҭыхымҭақәа рмилаҭтә галереиаҟны, иара убас Урыстәыла, Великобританиа, Америка, Италиа, Сан-Марино, Иапониа, Ҭырқәтәыла хазхаҭалатәи аколлекциақәа рҟны. Шәырҿиамҭақәа рҟны ианыԥшуеит акы иаламҩашьо Аԥсны аԥшӡара, аԥсабара абеиара.

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟазара аҟәша адекан иаҳасаб ала, шәара еиҵашәааӡеит имаҷымкәа абаҩхатәра змоу аԥсуа сахьаҭыхыҩ ҿарацәа. Уи алагьы аҽарҭбаауеит шәлагала аԥсуа сахьаҭыхратә ҟазара аҿиаразы.

Гәыкала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аманшәалара, аҟазарахь ишәымоу агәазыҳәара ҿымцәаауа ҳазшаз алшара шәиҭааит!».  

 

Last modified on Dinsdag, 20 Мшаҧы 2021 11:30