Print this page

Ауарӷанарҳәаҩы Лука Гаделиа Жәларбжьаратәи афестиваль аҟны дықәгылоит

13 Хәажәкыр 2021 218

Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист, еицырдыруа аԥсуа уарӷанарҳәаҩ Лука Гаделиа дықәгылоит Салих Саидашев ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә концерттә зал ду аҟны, Казань, хәажәкыра 13 рзы. Аконцерт иалагоит асааҭ 18:30 рзы.

"Аиԥш зеиԥшу афестиваль аҟны ақәгылара ԥышәа бзиоуп сара сзы. Раԥхьаӡакәны аконцерт ду рысҭоит асимфониатә аоркестр аҳәаақәа иҭагӡаны. Абжьааԥны асолист ԥҵамҭа дук наигӡоит, иқәгылара оркестр иханарҭәаауеит, уажәы ауарӷанҳәара хадаратәуп", - иҳәеит Лука Гаделиа.

Аԥсуа уарӷанарҳәаҩ инеигӡараны дыҟоуп Георг Генделиа, Самуиле Барбер, Џьорџь Гершвин рырҿиамҭақәа.