Print this page

Иван Папасқьыр ихьӡ зху амилаҭтә библиотека ҳамҭас иаҭан хышә тематика еидызкыло ашәҟәқәа

26 Ажьырныҳәа 2021 229

Маиҟәаҧ имҩаҧысит абиблиотекатә Фондқәа рҿаҧхьа иқәгылоу ауадаҩрақәеи, урҭ рыӡбашьеи ирызкыу анаука- практикатә конференциа. Уи мҩаҧыргон Москвеи Санкт- Петербурги рбиблиотекақәа рыспециалистцәа.

Уи афорум ҳаракы иалахәын Иван Папасқьыр ихьӡ зху амилаҭтә библиотека ахаҭарнакцәагьы. Урҭ, аконференциаҿы аҧсуа библиотека ашәҟәытә фонд иазкны ажәахә ҟарҵеит. Аконференциа ахырқәшамҭаз иҟаҵан ажәалагала, аҧсуа фонд ахарҭәааразы. Уи иабзоураны, Иван Папасқьыр ихьӡ зху амилаҭтә библиотека ҳамҭас иаҭан хышә тематика еидызкыло ашәҟәқәа.