Print this page

Аԥсны имҩаԥысраны иҟоуп аԥхьаҩцәеи ашәҟәыҩҩцәеи рзы онлаин еицлабра

21 Ажьырныҳәа 2021 255

Арҿиаратә еицлабра "Араӡны калам" иалахәхар рылшоит 12 шықәса зхыҵуа инадыркны изҭаххо зегьы. Аԥсышәалеи урысшәалеи аусумҭақәа ркьыԥхьуеит аицлабра Facebook, Instagram рҿтәи аофициалтә даҟьақәа рҿы.

Аԥсны акультура аминистрреи Россотрудничествои, Очамчыра араион ахадара аҿари аспорти рыҟәшеи ирыдыркылоит арзаҳалқәа ареспубликатә онлаин еицлабра "Араӡны калам" алахәхаразы.

Аханатә иазԥхьагәаҭан 12-35 шықәса ирыбжьанакуа рымацара ралархәра, аха нас иӡыбхеит 12 шықәса инаркны изҭаху зегьы алахәхарц.

"Аԥҟарақәа рыла арзаҳалқәа мшаԥы 1 аҟынӡа иҳадаҳкылоит, аха алахәылацәа рацәаҩхар, аҿҳәара ҳнахоит", - ҳәа азгәалҭеит Кондратьева.

Арҿиамҭатә текстқәеи аԥхьаратә видеоқәеи рынашьҭра ҟалоит аицлабра аԥошьҭахь: Hierdie e-posadres word van Spambotte beskerm. Jy moet JavaScript ontsper om dit te lees.. иаиааиз алыркаауеит ажиури алахәылацәа: Даур Начҟьебиа, Гунда Сақаниаԥҳа, Ричард Ҷкадуа, Дырмит Габалиа, Симона Спафопуло, Кьасоу Ҳагба.

"Zoom ала аиԥыларақәа мҩаԥаагахьеит лахәылацәақәаки ҳареи. Ажиури алахәылацәа абжьгарақәа ҟарҵоит. Ҳгәыӷуеит урҭ абжьгарақәа хра рыманы иҟалап ҳәа", - еиҭалҳәоит Кондратьева.

Ареспубликатә онлаин еицлабра "Араӡны калам" мҩаԥысуеит Аԥсны акультура аминистрреи Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакреи, Очамчыра араион ахадара аҿари аспорти рыҟәшеи раԥшьгарала.



Last modified on Donderdag, 21 Ажьырныҳәа 2021 16:17