Print this page

Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла Миха Лакрба иновеллақәа рыԥхьаразы аиндаҭлара рыланаҳәеит

20 Ажьырныҳәа 2021 399

Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аԥсуа шәҟәыҩҩы Миха Лакрба иновеллақәа рыԥхьаразы аиндаҭлара рыланаҳәеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аидгыла ахантәаҩы Вахтанг Абҳазоу.

"Ииасыз ашықәс азы аԥсуа поетцәа рырҿиамҭақәа рыԥхьаразы онлаин-еиндаҭлара мҩаԥаагеит. Сынтәагьы иҳаԥхьаӡеит Миха Лакрба ииубилеи азы иновеллақәа рыԥхьараз аиндаҭлара рылаҳҳәарц",- иҳәеит иара.

Аиндаҭлара мҩаԥыслоит онлаин формат ала. Аҽалархәра зҭаху зегьы Миха Лакрба иновелла ма ановелла ацыԥҵәаха аԥхьара авидеоролик абри аелектронтә ҭыӡҭыԥ: Hierdie e-posadres word van Spambotte beskerm. Jy moet JavaScript ontsper om dit te lees. ахь иаарышьҭыроуп мшаԥымза 15 рҟынӡа. Аиндаҭлара иалахәхар рылшоит 15 - 25 шықәса зхыҵуа зегьы. Авидеоҭаҩра аамҭала хә-минуҭк еиҳамзароуп. Иалыркаараны иҟоуп хҩык аиааиҩцәа. Ажиури бжьыҭара маӡала урҭ рыхьыӡқәа рҳәоит. Иреиӷьқәоу иранашьахоит адипломқәа, агәалашәаратә ҳамҭақәа.

XX ашәышықәсазы иналукааша аԥсуа шәҟәыҩҩцәа дреиуоуп Миха Лакрба. Иара диит ажьырныҳәа 19, 1901 шықәсазы. Лакрба иновеллақәа адунеи абызшәақәа жәпакы рахь еиҭагоуп. Аԥсны дмаҷуп Миха Лакрба иновеллақәа —  "Асас", "Аԥслаҳә зшьыз", "Аламыс" уҳәа ззымдыруа.