Print this page

Иԥсҭазаара далҵит Аҳәынҭқарратә аҿар ртеатр ақтиор Бадра Чантуриа

09 Ажьырныҳәа 2021 376

Риҵа иҟалаз амашәыр аҟны дҭахеит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә унивеситет ақтиортә ҟазара аушьҭымҭа, Аҳәынҭқарратә аҿар ртеатр ақтиор, аамҭа кьаҿк иалагӡаны збаҩхатәрала ахәаҧшцәа хызххьаз, еиуеиҧшым ахаҿсахьақәа шьахәла иназыгӡахьаз  Бадра Ҷантуриа.

Бадра иааирҧшхьан ирацәаны ахаҿсахьақәа:
"Анаурқәа" - Дамыр;
"Аибашьра ахҧатәи амш" - агвардеец;
"Дуаҩуп, даамсҭашәоуп" - Ди Дженнаро;
"Амцҳәаҩ даҭахуп" - Врасидас;
"Инаҧҳа Кьагәа" - Басиат;
"Қьалашьбеи" - Акаҧдан
"Амбжьах лыбжьара" - Педант;
"Аҳәынҭқар ҟьантаз" - Генрих;
"Ацынҵәарах" - Заурҟан Золак данқәыҧшыз;
"Амра анҭашәалак" - Чино
"Ажьақәеи арқьымаҭқәеи" - Азгәышьҩы.

 

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра гәалсра дула ирыдышшылоит  Бадра Ҷантуриа иуацәеи иҭынхацәеи.

Last modified on Maandag, 18 Ажьырныҳәа 2021 12:03