Print this page

Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура аминистр Гәдиса Агрба иааиуа Ашықәс Ҿыц азы иҟаиҵаз адныҳәалара

30 Ԥхынкәын 2020 258

Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа! 

Акультура Аминистрра ахьӡала гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит иааиуа Ашықәс Ҿыци Қьырса ныҳәеи! 

Иҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп акультуреи аҟазареи знапы алаку зегьы, гәыкала аҟазара амаҵ азызуа.

Иааиуа 2021-тәи Ашықәс Ҿыц азҿлымҳара змоу аҟазартә проектқәа рыла ибеиахааит, ишәзаанартааит аԥеиԥш лаша, шәыгәҭакқәа зегьы аԥсҭазаара аларҵәараз алшара шәоуааит

Гәыкала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәеизҳара, аихьӡара ҿыцқәа шәнапы злаку аус аҟны, аҟазарахь ишәымоу агәазыҳәара ҿымцәааит!

Ҽааныбзиала! Шьардаамҭа шәнеиааит!