Print this page

Иԥсҭазаара далҵит Аԥсны жәлар рартист Вахтанг Возба

01 Ԥхынкәын 2020 350

68 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит еицырдыруаз акәашаҩ, Аԥсны жәлар рыкәашаратә ансамбль "Шьараҭын" асолист, Аԥсны жәлар рартист Вахтанг Возба

Вахтанг Возба иҟамзаара амилаҭтә культура зегьы азы харҭәаашьа змам цәыӡуп. Иара ипрофессианализм ҳарак, иҟазара, иҟыбаҩ акы еиԥшымызт, ахәаԥшыҩцәа рыбзиабара имардон, Аԥснеиԥш анҭыҵгьы иалыркаауаз иакәын. Аԥсны амилаҭтә кәашара аларҵәаразы илагала акәзар хәшьашьа амам.

Вахтанг Возба диит 1952 шықәса рзы. 1971шықәсазы Аҟәатәи акультура-рккаратә ҵараиурҭа далгеит. 1991 шықәсазы ААУ агеографиатә факультет далгеит.

1970 шықәсқәа рзы Возба Аҳәынҭқарратә ансамбль "Шьараҭын" иналукааша кәашаҩын, анаҩс ансамбль аҿы репетиторс дыҟан, ахәыҷтәы  хореографиатә ансамбль "Иааирума" анапхгара азиуан. Аколлектив далахәны адунеи атәылақәа 30 рҟынӡа рҟны аԥсуа ҟазара ӡыригахьан.

990 шықәсазы "Аԥсны жәлар рартист" ҳәа ахьӡ ҳарак ихҵан,  2000 шықәсазы ианашьан аорден "Ахьӡ-Аԥша" III аҩаӡара.

Вахтанг Возба иара убасгьы деицырдыруан Махаз ироль ала афильм "Пиры Валтасара или Ночь со Сталиным" аҿы.