Print this page

Аԥсны аминистрцәа реилазаара ишьақәнарӷәӷәеит 2021 шықәса аусутә мзар

25 Абҵара 2020 270

Аԥсны аминистрцәа реилазаара абҵара 25 рзы аминистрцәа реилатәараҿы 2021 шықәсазтәи амзар шьақәнарӷәӷәеит.
Адокумент Аиҳабыра рсаит аҿы икьыԥхьуп.

Аныҳәамшқәеи аԥсшьарамшқәеи реиқәшәараан аԥсшьарамшқәа ииагахоит:

  • Ажьырныҳәа 2 (асабша) - ажьырныҳәа 4 (ашәахьа) ахь
  • Лаҵара 1 (асабша) - лаҵара 3 (ашәахьа) ахь
  • Лаҵара 9 (амҽыша) – лаҵара 10 (ашәахьа) ахь
  • Лаҵара 23 (амҽыша) – лаҵара 24 (ашәахьа) ахь
  • Нанҳәа 28 (асабша) - нанҳәа 30 (ашәахьа) ахь.

Аныҳәамшқәеи аусутә мшқәеи ирманшәаланы ахархәаразы аҩаша, ажьырныҳәа 5 ииагоуп асабша, ажьырныҳәа 16 рахь.

Амшаԥымш амҽыша, лаҵара 2 иахьақәшәо азы  аҩаша, лаҵара 4 усуратә мшымкәа ишьоуп.




Last modified on Woensdag, 25 Абҵара 2020 14:58