Print this page

Гәынба жәлар рарҳәагақәа роркестр аконцерт азы: уажәтәи ақәгылара алукаартә иҟалоит

22 Цәыббра 2020 302

Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху жәлар рарҳәагақәа рҳәынҭқарратә оркестр аконцерт мҩаԥысраны иҟоуп цәыббрамза 23 рзы Аҳәынҭқарратә филармониаҿы. Уи иалахәхо асасцәа ртәы арадиоефир аҿы еиҭеиҳәеит акультура аминистрра аконцертқәеи агастрольқәеи рыҟәша аиҳабы Адамыр Гәынба.

"Уажәтәи аконцерт егьырҭ ирылукаартә иҟоуп, ара ганрацәала ажанрқәа еиларсуп. Иазгәаҭоуп ашәаҳәаҩцәа рықәгыларагьы. Ааԥхьара рымоуп: Иулиа Чичерина, Виолетта Маан, Ерик Миқаа, иара убас Урыстәыла еицырдыруа артистцәа. Аоркестр аконцерт рҽазыҟарҵоижьҭеи акрааҵуеит, иара ас еиԥш амҩаԥгара аԥшьызгазгьы уи асахьаркыратә напхгаҩы Денис Арухаа иоуп. Аконцерт ахәаԥшрахь инеиуа зегьы ирыдгалахоит асабрадақәеи егьырҭ аҿкы чымазара аҽацәыхьчаразы амаҭәарқәеи, аҳақьымцәа рабжьгарақәа зегьы ҳрықәныҟәарц ҳгәы иҭоуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Гәынба.

Read more: https://sputnik-abkhazia.info/radio/20200922/1030976668/Gynba-zhlar-raragaa-rorkestr-akontsert-azy-uazhti-agylara-alukaart-ialoit.html

Last modified on Maandag, 05 Жьҭаара 2020 14:33