Print this page

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа инапы аҵаиҩит 2017–2019 шш. рзы алитературеи, аҟазареи, архитектуреи рзы Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиа ранашьаразы Аусҧҟа

16 Цәыббра 2020 467

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа инапы аҵаиҩит 2017–2019 шш. рзы алитературеи, аҟазареи, архитектуреи рзы Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиа ранашьаразы Аусҧҟа.

Уи инақәыршәаны алитературеи, аҟазареи, архитектуреи рҿы иаԥырҵаз, зыҩаӡара ҳараку, ауаажәларра ирылаҵәаз арҿиамҭақәа рзы, алитературеи, аҟазареи, архитектуреи рзы Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа Акомиссиа аӡбамҭа инақәыршәаны, 2017–2019 шш. рзы алитературеи, аҟазареи, архитектуреи рзы Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиа ранашьоуп:

Барцыц Белла Урсҟан-иԥҳа – "Абааҭатәи аццышәқәа" (апублицистика);

Касланӡиа Беслан Иван-иԥа, Шаменкова Светлана Владимир-иԥҳа – Афон Ҿыц абжьаратәи ашкол ареконструкциа;

Чачхалиа Денис Кьыршьал-иԥа – "Апоезиатә еигәныҩра" (аиҭагақәа).

 
 
Last modified on Donderdag, 24 Цәыббра 2020 10:15