Print this page

Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла онлаин-конкурс рыланаҳәоит аԥсуа поетцәа ражәеинраалақәа ҿырҳәала рыԥхьаразы

02 Цәыббра 2020 341

Аконкурс иалахәхар рылшоит 15 ш. инаркны 25 ш. зхыҵуа ирыҵанакуа аҿар.

Аусмҩаԥгатә зҽалазырхәуа рықәгылара авидеонҵамҭа 4-минуҭк иреиҳамзароуп.

Авидеонҵамҭақәа аашәышьҭла Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аелектронтә ԥошьҭа ашҟа: Hierdie e-posadres word van Spambotte beskerm. Jy moet JavaScript ontsper om dit te lees..

Аконкурс ҿҳәарас иамоуп 2020 ш. сентиабр 1 инаркны 30 рзынӡа.

 

Аконкурс аихшьала рылаҳәахоит ианхыркәшахалак ашьҭахь жәамш ирхымгакәа. 

 

Аконкурс аԥҟарақәа:

Ҷыдала иаԥҵахо ажиури аконкурс ахь иаашьҭхауа авидеонҵамҭақәа ирыхәаԥшны иалрыԥшаауеит абжьыҭирахь инарышьҭуа. 

Абжьыҭираан иалкаахоит иреиҳаны абжьқәа зауз хҩык. Шаҟа бжьы роуз ала ишьақәыргылахоит досу иааникылаз аҭыԥ.

Аԥхьахәқәа аанызкылаз ирыҭахоит адипломқәеи аҳамҭақәеи.

Аконкурс зҽалазырхәуа ҿырҳәала ирыԥхьар ауеит (аԥсышәала):

ажәеинраала;

ажәеинраалақәа рцикл ахәҭак;

апоема ацыԥҵәаха.

 

Аконкурс алахәцәа еиӷьны изыԥхьо ралкаараан изызхьаԥшхауа аҟазшьақәа иреиуоуп:

- аԥхьараан ажәақәа ииашаны рҳәара;

- ажәа аҟны ақәыӷәӷәара ақәныҟәара;

- ааҭгылара ацклаԥшра;

- аԥхьашьа иахәҭоу атемп алхра;

- зда ԥсыхәа ыҟам аинтонациа хшыҩзышьҭра аҭара;

- агха ҟамҵакәа аԥхьара;

- ажәеинраала ахаҭа аҵакы адкылашьа;

- ажәеинраала аԥхьараан досу ииашаны ибжьы ашьақәыргылара;

- артист иҟазшьақәа раарԥшра.

 

Абжьагажәақәа рзы аҭел шәасыр шәылшоит абарҭ аномерқәа рахь: 771-08-80; 772-70-86.

Last modified on Woensdag, 02 Цәыббра 2020 11:22