Print this page

Нанҳәа 25 Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрраҟны имҩаԥысуеит Академиатә хор ду «Мастера хорового пения» ақәгылара иазку апресс-конференциа

24 Нанҳәа 2020 297

Нанҳәа 25 асааҭ 17:30 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрраҟны имҩаԥысуеит Академиатә хор ду «Мастера хорового пения» ақәгылара иазку апресс-конференциа.

Апресс-конференциа иалахәуп Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура аминистр Гәдиса Агрба, Урыстәылатәи Афедерациа жәлар рартист, апрофессор Лев Конторович, акультура аминистр иабжьагаҩ Нинель Бжьаниаԥҳа.

 

 * Нанҳәа 26 аҽны Р. Џь. Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҟны имҩаԥысуеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахьыԥшымра азхаҵара жәларбжьаратәи амш иазку аныҳәатә концерт.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахьыԥшымра азхаҵара жәларбжьаратәи амш аҽны, традициала ишаԥу еиԥш, иқәгылоит Урыстәылатәи Афедерациа жәлар рартист Лев Конторович напхгара ззиуа еицырдыруа Академиатә хор ду «Мастера хорового пения».

Иалагоит асааҭ 17:00 рзы.

Last modified on Maandag, 24 Нанҳәа 2020 14:56