Print this page

Нанҳәа 15 рзы Аԥсны иазгәарҭоит Зхәатәгәаԥхарала еибашьуаз рымш!

14 Нанҳәа 2020 280

1992 шықәса нанҳәа 15 рзы, аибашьра аналагаз адырҩаҽны, Гәдоуҭа рхатәгәаԥхьарала еибашьра иааит Нхыҵ Кавказынтәи раԥхьатәи агәыԥ, аинрал Сулҭан Сосналиев хадара ззиуаз.

Аибашьра иалахәын ҩ-нызқь иреиҳаны зхатәгәаԥхарала иааз. Урҭ рахьтә 50-ҩык инреиҳаны ирыхьҵан «Аԥсны Афырхаҵа» ҳәа ахьӡ ҳаракы, 300-ҩык иреиҳаны иранашьан Леон иорден, 600-ҩык иреиҳаны – «Агәымшәараз» амедал. 260-ҩык зхатәгәаԥхарала еибашьуаз Аԥсны ахақәиҭра рхы ақәырҵеит.

Наунагӡа рыхьӡ кашәаӡом зхатәгәаԥхарала еибашьуаз! Хашҭра рықәымзааит Афырхацәа!

Last modified on Vrydag, 14 Нанҳәа 2020 14:55