Print this page

Аҧсны Аҳәынҭқарра абираҟ амш азы Д.И.Гәлиа илитературатә-мемориалтә музеи аҿы имҩаҧгахоит аҧсуа поетцәа ҿарацәа рлитературатә еилазаара "АШАЦКЫРА" аӡыргара

22 Ԥхынгәы 2020 340

Ҧхынгәы 23, Аҧсны Аҳәынҭқарра абираҟ амш азы Д.И.Гәлиа илитературатә-мемориалтә музеи аҿы имҩаҧгахоит аҧсуа поетцәа ҿарацәа рлитературатә еилазаара "АШАЦКЫРА" аӡыргара. Ражәеинраалақәа ирыҧхьоит аҧсуа литератураҿы аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рыҩныҵҟала иналукаартә еиҧш иҿыцны ицәырҵыз, зхатәы бжьы зхоу аҿарацәа - Дырмит Габалыиа, Аинар Ҷыҭанаа, Адгәыр Амҧар, Бганҧҳа Шьазина, Џьыкырба Ҳаџьараҭ, Аҟалӷьба Абзагә, Шьалашьаа Алмас. Иара убас Алитературатә хәылҧазы   иалахәхоит ашәаҳәаҩцәеи амузыкарҳәаҩцәеи.

Иалагоит асааҭ 15:00 рзы.

Last modified on Vrydag, 24 Ԥхынгәы 2020 09:48