Print this page

«Агәалашәара ацәашьы»

17 Рашәара 2020 304

В. Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә Фырхаҵара аҳәынҭқарратә музеии Россотрудничество ахаҭарнакреи апроект «Аиаара 75 шықәса ахыҵра иазку аволонтиорцәа жәларбжьаратәи ркоманда» иацнарыгӡоит.

Ииун 21 асааҭ 21:00 рзы Идырым аибашьҩы ибаҟа аҿаԥхьа имҩаԥгахоит Аџьынџьтәылатә Еибашьра ду атрагедиа иазку акциа «Агәалашәара ацәашьы».

Ииун 22 асааҭ 10:00 рзы имҩаԥысуеит ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара Идырым аибашьҩы ибаҟа аҿаԥхьа.