Print this page

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистрра иирамш идырҳныҳәалоит Руслан Мкан-иԥа Ҳашыг

15 Рашәара 2020 289

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистрра ахьӡала гәык-ԥсыкала иирамш идаҳныҳәалоит инарылукааша аԥсуа журналист, ателеканал «Абаза» ашьаҭаркҩы, адиректор хада, Аԥсны Ажурналистцәа Реидгыла Ахантәаҩы, «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара занашьоу Руслан Мкан-иԥа Ҳашыг!

Ҳаҭыр зқәу Руслан Мкан-иԥа, журналистк иаҳасабала шәышьақәгылара аамҭакала ирыдҳәалан ҳҳәынҭқарра ҿыц аԥҵаразы кыр зҵазкуаз ахҭысқәа, ҳҭоурых аӡеилашыра шәалагылан. Ас еиԥш иҟоу аамҭақәа раан ажурналист иҭакԥхықәра акыр иҳаракхоит. Шәаргьы шәхы шәамеигӡа, ишәылшо зегь ҟашәҵон ҳҳәынҭқарра ҿа аинформациатә қәыԥшылара арҭбааразы, иара убас иахьагьы.

Шәылшара дуқәа азгәаҭо, ишәзеиӷьаҳшьарц ҳҭахуп агәабзиара еиҿамс, аманшәалара, ақәҿиара ҿыцқәа шәнапы злаку аус аҟны!