Print this page

Ииун 10, 1937 шықәсазы диит Едуард Уаҳаид-иԥа Бебиа

10 Рашәара 2020 298

Едуард Уаҳаид-иԥа Бебиа – аԥсуа хореографиа раԥхьатәи апрофессионалтә балетмеистер, Аԥсны жәлар рартист, Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат.

Едуард Уаҳаид-иԥа – Леон и-Орден занашьоу Аҳәынҭқарратә жәлар рыкәашаратә ансамбль «Шьараҭын» ашьаҭаркҩы, иԥсҭазаара зегьы аԥсуа хореографиатә ҟазара иазикит. Аԥсуа жәлар ркәашаратә ҟазареи рытрадициақәеи шьаҭас ирыҭаны, иаара иқәиргылеит иахьа уажәраанӡагьы ахәаԥшыҩцәа гәахәарыла ирыдыркыло акәашаратә композициақәа. Едуард Уаҳаид-иԥа ипрофессионалтә ҟазара иабзоураны, ансамбль «Шараҭын» адунеитә сцена ахь ицәырҵит, акыр ҳәынҭқаррақәа рҟны ахореографиа абзиабаҩцәа овациала ансамбль «Шьараҭын» ирԥылон.