Print this page

Акультура Аминистрраҟны Ельвира Арсалиаԥҳа имҩаԥылгеит жәлар ринструментқәа роркестр анапхгаҩы Денис Арухаа дызлахәыз аилацәажәара

04 Рашәара 2020 248

Ииун 3 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура аминистр инапынҵақәа назыгӡо Ельвира Арсалиаԥҳа имҩаԥылгеит О. Хәынҵариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә жәлар ринструментқәа роркестр анапхгаҩы Денис Арухаа дызлахәыз аилацәажәара.

Уаҟа иалацәажәеит Акультура аминистрреи аоркестри еицымҩаԥыргараны иҟоу акультуратә-ҵаралашаратә проект. Апроект хықәкы хадас иамоуп амилаҭтә музыкатә ҭынха аиқәырхара.