Print this page

Акультура Аминистрраҟны Ельвира Арсалиаԥҳа имҩаԥылгеит акультуратә ҵараиурҭақәа рнапхгаҩца злахәыз аилацәажәара

02 Рашәара 2020 197

Ииун 2 аҽны Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура аминистр инапынҵақәа назыгӡо Ельвира Арсалиаԥҳа имҩаԥылгеит аилацәажәара. Уи иалахәын Акультура Аминистрра иаҵанакуа акультуратә ҵараиурҭақәа рнапхгаҩца. Аилацәажәараҟны ишьҭыхын иахьа актуалра змоу азҵаарақәа, хаҭала аҵараиурҭа аушьҭымҭацәа рԥышәарақәа шеиҿкаатәу.

Ельвира Арсалиаԥҳа иазгәалҭеит: «Ишыжәдыруа еиԥш, акарантинтә ԥҟарақәа ес-ҩымчыбжь идырҿыцуеит. Ҿыц иҭыҵыз Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада идҵа ажәаатәи апункт инақәыршәаны, аҵараиурҭақәа зегьы рҟны аҵаратә процесс аанкылоуп. Аха аҩбатәи асеместр ахыркәшаразы, ииун 2–25 иалагӡаны имҩаԥгатәуп аԥышәарақәеи адипломтә усумҭақәа рыхьчареи. Акультура Аминстрра иаҵанакуа аҵараиурҭақәа хԥа ҳамоуп. Урҭ зегьы рхатәы ҷыдарақәа рымоуп аҵаратә процесс аҟны. Убарҭ зегьы азгәаҭаны аҵараиурҭақәа рыҩнуҵҟатәи адҵақәа рыла ишьақәдырӷәӷәоит аԥышәарақәа рымҩаԥгара раамҭеихшара (аграфик). Урҭ рымҩаԥгараан хымԥада иқәныҟәароуп ахыхьчаратә усмҩаԥгатәқәа – зегьы ирымазароуп асабрадақәа, анапҭырԥақәа, рхы иадырхәароуп асанитаизерқәа. Уи анаҩс агәыԥ зегь зныкала еидкыланы акәымкәа, еихшаны хаз-хазы аамҭа рызԥҵәаны аԥышәарақәа иахыжьтәуп».