Print this page

Маи 21 рзы Аԥсны иазгәарҭоит Амҳаџьыраа ргәалашәара амш

21 Лаҵара 2020 300

Маи 21, 1864 шықәса Аурыс-Кавказ еибашьра анҵәамҭа иамшуп. Уи иалҵшәаны XIX ашәышықәсазы аԥсуаа зқьҩыла рыԥсадгьыл ааныжьны, Ҭырқәтәылеи егьырҭ Ааигәатәи Мрагылара атәылақәеи рахь еихеит. Урҭ рхылҵшьҭрақәа нхоит 50 ҳәынҭқаррақәа рҟны. Зегь иреиҳау аԥсуа диаспора Ҭырқәтәыла иҟоуп.