Print this page

Маи 18 – Амузеиқәа Жәларбжьаратәи рымш

18 Лаҵара 2020 275

Ҳаҭыр зқәу амузеи аусзуҩцәа! Гәык-ԥсыкала ишәыдаҳныҳәалоит шәзанааҭ аныҳәа – Амузеиқәа жәларбжьаратәи рымш!

Иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит аџьабаа зцу шәусуразы, ҳҵасқәа шәрыцәхьамҵо, ҳҳәынҭқарра акультуратә ҭынха шәеиҷаҳаны иахышәыхьчо азы.
Ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, агәамч, ҩаԥхьагьы ақәҿиарақәа шәнапы злаку аус аҟны. Ианакәызаалак аманшәалара шәыцзааит!