Print this page

Аԥсны раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба изку иреиӷьу абаҟазы аиндаҭлара алахәхаразы арзаҳалқәа рыдкылара аҿҳәара ԥхынҷкәын 30 рҟынӡа иацҵоуп

13 Лаҵара 2020 323

«Аиндаҭлара аҿҳәара инахоуп аԥкыратә уснагӡатәқәа инарыдҳәаланы. Аԥҟарақәа шыҟац иаанхоит. Аиндаҭлара рхы аладырхәыр рылшоит аскульпторцәа, асахьаҭыхыҩцәа, архитекторцәа, Аԥсны иатәымгьы», – лҳәеит акультура аминистр инапынҵақәа назыгӡо Ельвира Арсалиаԥҳа.

Аԥсны раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба изку иреиӷьу абаҟазы аиндаҭлара мҩаԥнагоит Аминистрцәа реилазаараҿы иҟоу Амонументалтә ҟазаразы аҳәынҭқарратә комиссиа. Иреиӷьу аусумҭазы аԥхьахә иартәоит 200 000 мааҭ.

 
Last modified on Donderdag, 14 Лаҵара 2020 11:25