Print this page

Алықьса Нестор-иԥа Џьонуа иахьа иԥсы ҭазҭгьы ихыҵуан 100 шықәса

07 Лаҵара 2020 313

Лаҵарамза 7, 1920 шықәса рзы диит апоет Алықьса Нестор-иԥа Џьонуа.

Алықьса Нестор-иԥа Џьонуа, ааԥсарак ҳәа ҟамҵакәа, ҩынҩажәа шықәса инареиҳаны аԥсуа литература аҿиара инапы алакын. Алықьса Нестор-иԥа Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа далахәын, дыҭҟәаны дыҟан, дыбналоит, анаҩс афашистцәа драбашьуан апартизантә гәыԥ аҿы. Дахьыҟазаалак ихаиршҭуамызт иара дзызкыз – ашәҟәыҩҩра.

Алықьса Џьонуа иҩымҭақәа ирныԥшуа иаарылукааша аҷыдарақәа рахь иԥхьаӡоуп ауаҩ игәаҵанӡа инеиуа алиризм, агәаартра. Урҭ тема хадас ирымоуп ауаа рџьартә ԥсҭазаара, 1941-1945 шш. рзы Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа афронтқәа рҿы аибашьцәа реибашьратә фырхаҵарақәа. 1966 ш. азы А. Џьонуа Аԥснытәи АССР аҵаралашара аминистрра министрс дыҟан. 1973-1984 шш. рзы аус иуан Архивтә усбарҭа еиҳабыс. 1986 ш. азы Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылара дахантәаҩын.

Алықьса Нестор-иԥа Џьонуа Д. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа далауреатын.