Print this page

Аԥсуа театр актиор Чынчор Кәасҭа-иԥа Џьениа диижьҭеи иахьа иҵит 90 шықәса

Апрель 4, 1930 рзы диит Аԥсны жәлар рартист Чынчор Џьениа.

Чынчор Џьениа ибаҩхатәра адраматә ҟазара ааирԥшит еиуеиԥшым ажанрқәа рҟны: атрагедиа инаркны акомедиа аҟынӡа; жәлар репос инадыркны аводевиль аҟынӡа.

Акыр хаҿсахьа лашақәа аԥиҵахьан Чынчор Џьениа адунеитәи аурыс литерауреи рыклассикцәа - Шекспир, Кальдерон, Ердман, Горьки рпиесақәа рыла иқәыргылаз аспектакльқәа рҿы. Аха еиҳарак иқәҿиуан арольқәа аԥсуа шәҟәыҩҩцәа Б. Шьынкәба, Ш. Чкадуа убас егьырҭгьы рҩымҭақәа рыла иқәыргылаз аспеқтакльқәа рҟны.

Самсон Ҷанба ихьӡ зхәу Аҧсуа ҳәынҭқарратә театр аҿы аус иуан 60 шықәса инареиҳаны.

Last modified on Dinsdag, 28 Мшаҧы 2020 14:30