Print this page

И.Гь.Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека 99 шықәса ахыҵит

29 Хәажәкыр 2020 281

Ари арыцхә инамаданы аиҳабы Борис Ҷолариа иколлегацәа дрыдныҳәалеит:

«Акыр иаҧсоу сколлегацәа, абиблиотека аусзуҩцәа!

Гәык-ҧсык ала ишәыдысныҳәалоит И.Гь.Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека 99 шықәса ахыҵра. Иахьатәи имариам ҳҭагылазаашьа иахҟьаны алшара ыҟам хаҭала ҳаизаны ари амш азгәаҳҭартә еиҧш. Аха егьа ус акәзаргьы, ари арыцхә ус баша иҳаҩҳажьыр иашам.

Ишыжәдыруа еиҧш, Амилаҭтә библиотека аҭоурых ду амоуп, уи анысит имариамыз амҩа уадаҩ. Март 29, 1921 ш. Аҟәа ақалақь аҿы иаартын Ацентртә жәлартә библиотека. Ииуль 8, 1922 ш. жәлартә центртә библиотека ҧсахын ацентртә шәҟәыҵәахырҭа ҳәа, апрель 5, 1926 ш. – Ақалақьтә центртә библиотека ҳәа. Август 28, 1938 ш. – Ацентртә ақалақьтә библиотека Аҧснытәи АССР Ареспубликатә библиотека астатус аҭан. Февраль 17, 1981 ш. абиблиотека Аҧсны жәлар рышәҟәыҩҩы Иван Гьаргь-иҧа Папасқьыр ихьӡ ахҵан. Ҩышықәса рнаҩс абиблиотека иаиуит аҭҵаарадырратә статус, иагьахьӡхоит Ареспубликатә универсалтә аҭҵаарадырратә библиотека ҳәа. Иахьа ҿыц еиҭашьақәыргылоу ҳбиблиотека ахыбра ргылан иҳаҩсыз ашәышықәса 80-тәи ашықәсқәа ралагамҭазы. Ари аус аҟны илыбзоу рацәоуп акыршықәса инеиҧынкыланы абиблиотека напхгара азҭоз Елеонора Виқтор-иҧҳа Бжьаниа.

Ноиабр 28, 1998 ш. Ареспубликатә библиотека ахьӡ ҧсахын И.Гь.Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека ҳәа.

Иахьа И.Гь.Папасқьыр ихьӡ зху амилаҭтә библиотека Аҧсны иқәынхо ауааҧсыра рзы хәызмам милаҭтә культуратә хәышҭаароуп.

Иахьа ҳара ҳҽазаҳшәоит адунеиаҿ аҧхьагылара змоу амодельтә библиотекақәа рыҩаӡара аҽақәыршәара, материал-техникатә базала аиқәыршәара. Сгәы иаанагоит, шәара ишәыбзоураны аҧхьаҟа ҳусура иҵегьы ишеиӷьхо.

Даҽа зныкгьы ишәыдысныҳәалоит ҳбиблиотека ашьақәгылара амш. Ишәзеиӷьасшьоит ақәҿиарақәа, аманшәалара».