Print this page

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра лиубилеи лыдырныҳәалоит Ҭина Баџьгәа-иԥҳа Қәарсаиа

11 Хәажәкыр 2020 275

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра лиубилеи лыдырныҳәалоит Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ, «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара занашьоу, СССР Ажурналистцәа Реидгыла алахәыла, атележурналист Ҭина Баџьгәа-иԥҳа Қәарсаиа.

Ҭина Баџьгәа-иԥҳа далгеит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә педагогикатә институт афилологиатә факультет. 1968 шықәсазы далагоит аусура Аԥсуа радио аредакциаҿы, анаҩс диаргоит алитературатә дырраҭақәа рредакциахь. Ҭина Қәарсаиа иаԥылҵаз алитература, акультура, аҟазара, аҭҵаарадырра аусзуҩцәа ирызку арадиоочеркқәа иахьа Аԥсуа радио ахьтәы фонд иахыԥхьаӡалоуп.

1981 шықәса инаркны Ҭина Баџьгәа-иԥҳа аус луан Аԥсуа телехәаԥшраҟны. Уаҟа лара еиҿылкааит адырраҭарақәа – «Апоезиа ашәахәа», «Ҳара ҳхәышҭаара». Урҭ адырраҭарақәа фырхацәа хадас ирыман еицырдыруа аҟазареи алитературеи арҿиаҩцәа.

Ҭина Қәарсаиа хә-змаӡам алагала ҟалҵеит акультуреи атележурналистикеи рырҿиараҟны. Лыпрофессионалтә ҟазара иабзоураны, лара илылшон лдырраҭарақәа рфырхацәа рҟазшьа ганрацәала аарԥшра, рыҩнуҵҟатәи адунеи аемоциа аҵаҵаны, сахьаркырала ахәаԥшҩы изнагара.

Иахьа, Ҭина Баџьгәа-иԥҳа лирамш аҽны, илзеиӷьаҳшьоит агәабзиара еиҿамс, аманшәалара. Шәҭаацәеи шәареи шәеигымзааит!