Print this page

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистр Ельвира Арсалиаԥҳа иубилеи идылныҳәалеит Аԥсны жәлар рартист Нодар Ҷанба

10 Хәажәкыр 2020 253

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистр Ельвира Арсалиаԥҳа иубилеи идылныҳәалеит акомпозитор, адирижиор, С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр адиректор, Аԥсны жәлар рартист Нодар Виқтор-иԥа Ҷанба. Адныҳәлараҽы иаҳәоит:

"Ҳаҭыр зқәу Нодар Виқҭор-иԥа!

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра ахьӡала гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит шәиубилеи – 65 шықәса шәхыҵра!

Шәара амузыкатә ҟазараҟны даара шәлагала дууп. Акомпозитор, адирижиор, арҵаҩы, хыԥхьаӡара рацәала ахортә, асимфониатә, аинструменттә, афортепианотә ҩымҭақәа шәравторуп, иара убас аус рыдыжәулоит ажәытә аԥсуа доуҳатә ашәақәа. Имаҷым шәылшарақәа жәларбжьаратәи аимадарақәа рырӷәӷәаразы, иара убас аԥсуа культура аҳәаанырцә аӡыргаразы. Шәыхьӡ аԥсуа культура аҿиара иузаҟәымҭхо ҳҭоурых ианылеит.

Ҩаԥхьа шәиубилеи шәыдныҳәало, ишәзеиӷьасшьоит ҟазарыла иҭәу ашықәсынҵыра рацәа, агәабзиареи агәамчи!"