Print this page

Аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчараз адепартамент имҩаԥнагеит раԥхьатәи изаамҭанутәи аилатәара

16 Ажьырныҳәа 2020 251

Акультура аминистр ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Баҭал Кәабахьиа имҩаԥигеит аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчараз адепартамент ҳазҭалаз ашықәс азы раԥхьатәи изаамҭанутәи аилатәара. Аилатәараҟны иалацәажәон аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчараз ареспубликатәи аҭыԥантәи аусбарҭақәа русеицура.

Иара убас февраль мзазы аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчараз адепартамент Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара ирзынарышьҭуеит Аҳәынҭқарратә ахықәкытә программа «Аԥсны аҵакыра иаҵанакуа аҭоурых-культуратә ҭынха еиҭамҵуа аобиектқәа ашәҟәы рҭагалара» 2016–2019 шықәсқәа рзтәи алҵшәақәа.