Республика Абхазия, г.Сухум,  ул.Лакоба,  21 

Аԥсуа литература ашьаҭаркҩы, аԥсуа литература абду, Жәлар рпоет Дырмит Гәлиа диит, 1874 шықәса, жәабран 21 рзы Гәылрыԥшь араион, Уарча ақыҭан. 1912 шықәсазы Тифлис (Қарҭ – аред.) иҭижьит раԥхьаӡатәи аԥсуа шәҟәы «Ажәеинраалақәеи ахьӡыртәрақәеи». Дырмит Гәлиа дравторуп хыԥхьаӡара рацәала аҭҵаарадырратә усумҭақәеи, алитературатә аԥҵамҭақәеи. Иара иоуп Аҟәа арҵаҩратә семинариаҿы еиҿызкааз раԥхьатәи адраматә кружок…
Владислав Арӡынба ибаҟазы аконкурс аекспозициа аартын Ацәыргақәҵатә зал хадаҟны. Аԥсны акультура аминистрра азинтә ҟәша аиҳабы Ирма Цәеиԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит иреиӷьу апроект алхразы онлаин бжьыҭара шымҩаԥысло атәы. "Архитекторцәа рхаҭа дара рдунеихәаԥшышьа зеиԥшраз ала рыпроектқәа аарԥшуп, акритериақәа ҳәа акгьы иалкааны иҟамызт. Иҳадаргылаз аусумҭақәа рыхԥагьы ауаҩы ишәага иаҟараны иҟаҵоуп.…
Аԥсны акультура аминистр Гәдиса Агрба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ачымазара ҿкы аламырҵәаразы аԥкрақәа анаԥыхха аамҭазы, акультуратә усҳәарҭақәа русура ахацыркра иахьынӡазхиоу атәы. "Акоординациатә штаб алахәцәа ражәалагалақәа ҟарҵеит Аԥсны аҳәынҭқарра ахада иахь. Агәыӷра ҳамоуп азҵаара ӡбахоит ҳәа. Ҩымш-хымш рыҩнуҵҟа Агәабзиарахьчара аминистрра, асанитар-епидемиологиатә маҵзура, акультура аминистрра аусзуҩцәа рыла аусутә гәыԥ еиҿкаазарц азыӡбан.…
Жәабран 9 рзы Аҟәа имҩаԥысыз Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә инфекциа рацәыхьчаразы Акоординациатә штаб аилатәараҿы аамҭала аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Владимир Делба Аԥсны акультуратә усҳәарҭақәа русура хацдыркыр алшоит ҳәа иҳәеит. Акультура аминистр Гәдиса Агрба иҳәеит дара зегьы русура амҩаԥгара ишазыхиам. Ашәарҭадаратә уснагӡатәқәа ирықәныҟәо роуп зусура хацзыркыр ауа ҳәа иҳәеит Агрба.
Агәыҳалалра ацҳаражәҳәаҩ, акультура аминистр Гәдиса Агрба иациҵоит «Ахәыҷқәа рзы акультура» захьӡу апроект амҩаҧгара. Уажәазы, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны Акультура-гәыҳалалратә фонд «Ашана» хылаҧшра знаҭо ахәыҷқәа ирыман алшара Аҧсуа ҳәынҭқарратә музеи аҭаара.
Февраль 4 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура аминистр Гәдиса Агрба имҩаԥигеит Акультура аминистрра иаҵанакуа аусбарҭақәа – атеатрқәа, ансамбльқәа, абиблиотекақәа, амузеиқәа рнапхгаҩцәа злахәыз инеиҵыхыз аиԥылара.
Гәдиса Агрба дрыдышшылт зыԥсҭазаара иалҵыз апоет, апрозаик, апублицист, ауаажәларратә усзуҩ, СССР ажурналистцәа Реидгыла алахәыла, Аԥсныи Урыстәылеи Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла рылахәыла, Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ, «Ахьӡ-Аԥша» аорден ахԥатәи аҩаӡазара занашьоу Терент Михаил-иԥа Ҷаниа иуацәеи иҭынхацәеи.
83-шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит Аԥсны Жәлар рартист, Аԥсны ашәаҳәареи акәашареи рҳәынҭқарратә ансамбль уаанӡатәи асахьаркыратә напхгаҩы, аорден "Ахьӡ-Аԥша" II аҩаӡара занашьаз, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат Уасил Царгәыш. Уасил Царгәыш аԥсуа культурахь илагала ду атәы Sputnik Аԥсны аматериал аҿы. Аҳәынҭқарратә ансамбль ахь амҩа Уасил Царгәыш диит Гәдоуҭа араион, Аҷандара…
Маиҟәаҧ имҩаҧысит абиблиотекатә Фондқәа рҿаҧхьа иқәгылоу ауадаҩрақәеи, урҭ рыӡбашьеи ирызкыу анаука- практикатә конференциа. Уи мҩаҧыргон Москвеи Санкт- Петербурги рбиблиотекақәа рыспециалистцәа.
Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура аминистр Гәдиса Агрба арежиссиор, Аԥсны жәлар рартист, «Ахьӡ-Аԥша» Аорден аҩбатәи аҩаӡара занашьоу Валери Ақаҩба иидиныҳәалеит ииубилеи – 75 шықәса ихыҵра. Адныҳәалараҿы иаҳәоит: «Ҳаҭыр зқәу Валери Михаил-иԥа! Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра ахьӡала ишәыдысныҳәалоит шәиубилеи! Шәара шәҟазаратә мҩа хацшәыркит С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр асценаҟны, иаразнакгьы…
Арҿиаратә еицлабра "Араӡны калам" иалахәхар рылшоит 12 шықәса зхыҵуа инадыркны изҭаххо зегьы. Аԥсышәалеи урысшәалеи аусумҭақәа ркьыԥхьуеит аицлабра Facebook, Instagram рҿтәи аофициалтә даҟьақәа рҿы.Аԥсны акультура аминистрреи Россотрудничествои, Очамчыра араион ахадара аҿари аспорти рыҟәшеи ирыдыркылоит арзаҳалқәа ареспубликатә онлаин еицлабра "Араӡны калам" алахәхаразы.Аханатә иазԥхьагәаҭан 12-35 шықәса ирыбжьанакуа рымацара ралархәра, аха нас иӡыбхеит 12…
Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аԥсуа шәҟәыҩҩы Миха Лакрба иновеллақәа рыԥхьаразы аиндаҭлара рыланаҳәеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аидгыла ахантәаҩы Вахтанг Абҳазоу. "Ииасыз ашықәс азы аԥсуа поетцәа рырҿиамҭақәа рыԥхьаразы онлаин-еиндаҭлара мҩаԥаагеит. Сынтәагьы иҳаԥхьаӡеит Миха Лакрба ииубилеи азы иновеллақәа рыԥхьараз аиндаҭлара рылаҳҳәарц",- иҳәеит иара.

Поиск по Архиву

Архив новостей

« Хәажәкыр 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
        1 2 3
4 5 6 7 8 9 10
11 12 13 14 15 16 17
18 19 20 21 22 23 24
25 26 27 28 29 30 31

АМИНИСТРРАЗЫ

Министерство культуры Республики Абхазия является центральным органом государственного управления, осуществляющим функции по выработке и реализации государственной политики в сфере культуры, искусства, историко-культурного наследия.

АИМАДАРАҚӘА

Аҧсны Аҳәынҭқарра

384900, ақ. Аҟәа, Лакәаба им. 21

Аҭел: +7(840) 229-75-42.

E-mail: mc_ra@mail.ru

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
© 2018-2024 Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистрра || Министерство культуры Республики Абхазия ||
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых публицистических, аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя.