Версия для печати

Аҧсны Аҳәынҭқарра акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра ииубилеи идырныҳәалеит Иури Гамсараҭ-иҧа Ҭориа:

Аҧсны Аҳәынҭқарра акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра ииубилеи идырныҳәалеит Иури Гамсараҭ-иҧа Ҭориа:

«Ҳаҭыр зқәу Иури Гамсараҭ-иҧа!

Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра гәык-ҧсыкала  ишәыдырныҳәалоит 85 шықәса шәхыҵра.

Аҧсны акультура зҽаҧсазтәыз аусзуҩы, Аҧсны ажурналистцәа Реидгыла алахәыла, аповестқәеи, астатиақәеи, ановеллақәеи равтор, асахьаркыратә ажәа азҟаза, ҳәарада, еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла аус рацәа ҟашәҵахьеит.

Шәара хаҭала Гагра араион акультура аҟәша аҟны еиҿкаау арҿиаратә коллективқәа рыҩаӡара ашьҭыхраҿы ишәылшәыршаз маҷӡам, иахьагьы ишәымоу аҧышәа еиҵашәааӡо аҿар ирымажәдоит.

Аҧсны Амилаҭтә хақәиҭратә қәҧара шәалахәын, шәыбзоурала иҕәҕәахеит Нхыҵ-Кавказ ҳашьцәеи ҳареи реимадара, уи наунагӡа хашҭра ақәӡам ҳауаажәлар рҟны.

Ишәзеиҕьасшьоит агәабзиара, агәамч, ашықәс нҵыра ду! Шәыҧсҭазаараҿы еснагь аманшәалареи, ақәҿиарақәеи шәыцзааит!».

 

 

 

                                                   

                                                 

 

 

 

 

 

Последнее изменение Суббота, 23 марта 2019 10:35