Республика Абхазия,  г.Сухум,  ул.Лакоба,  21

Аԥсны Аҳәынҭқарра акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра Аԥсны жәлар рартист Анри Ферзба ииубилеи идырныҳәалеит

Адныҳәалараҿы иаҳәоит:

Акыр иаҧсоу Анрик Џьоџьа-иҧа!

Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра ахьӡала гәык-ҧсыкала  ишәыдаҳныҳәалоит 65 шықәса шәхыҵра.

Аҧнсытәи зҽаҧсазтәыз аҳәынҭқарратә жәлар рышәаҳәареи рыкәашареи рансамбль   ахкынагӡаҩ, Аҧсны жәлар рартист, аҧсуа хореогарфиатә ҟазараҟны злагала ыҟоу, аҿар реиҵааӡараҿы зылшамҭақәа  рацәоу шәреиуоуп шәара.

Иахьа ааҧсарак ҟамҵакәа жәлар рдоуҳатә культура иахылҵыз, иҿымцәаауа аҧсуа жәлар рашәақәа шәгәы ацҧыҳәаны иӡырышәгоит.

Аҳәынҭқарратә ансамбль аҿеиҧш, Аҟәатәи Аҳәынҭқарратә акультуратә ҵараиурҭааҟны ахореографиа ахырхарҭала ззаанаҭ алызхыз аҿар шәҧышәа рымыжәдоит.

Ишәзеиҕьаҳшьоит зегь раҧхьаӡа иргыланы агәабзиара, агәамч, аманшәалара, шәнапы злаку арҿиара аус аҟны аихьӡара дуқәа.  

Последнее изменение Вторник, 12 февраля 2019 15:43

О Министерстве

Министерство культуры Республики Абхазия является центральным органом государственного управления, осуществляющим функции по выработке и реализации государственной политики в сфере культуры, искусства, историко-культурного наследия.

Адрес

Республика Абхазия

384900, г.Сухум, ул.Лакоба, 21

Тел: +7(840) 229-75-42

E-mail: mc_ra@mail.ru

© 2018-2024 Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистрра || Министерство культуры Республики Абхазия ||
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых публицистических, аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя.
Создание и обслуживание сайта :  Агентство Правительственной Связи Республики Абхазия