Версия для печати

Аԥсны Аҳәынҭқарра акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр Ельвира Арсалиаԥҳа Аԥсны жәлар рартист Сергеи Сақаниа ииубилеи идылныҳәалеит

Аԥсны Аҳәынҭқарра акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр Ельвира Арсалиаԥҳа Аԥсны жәлар рартист Сергеи Сақаниа ииубилеи идылныҳәалеит. 

Адныҳәалараҿы иаҳәоит:

«Акыр иаҧсоу Сергеи Виқтор-иҧа!

Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра ахьӡала ишәыдысныҳәалоит шәиубилеи – 85 шықәса шәхыҵра.

Абаҩхатәра злоу артист, асцена азҟаза, ҳажәлар гәахәарыла ирыдыркылоз «Чарирама» ахаҿсахьа хадақәа  рынагӡаҩ,  Аҧсны Жәлар рартист, «Ахьӡ-Аҧша» аорден ахҧатәи аҩаӡара занашьоу, абарҭ ахьыӡ ҳаракқәа ираҧсахахьоу шәреиуоуп шәара.

С. Ҷанба ихьӡ зху аҧсуа Ҳәынҭқарратә драматә  театр ашҟа аусура шәаналага инаркны иаашәырҧшит аихьӡара дуқәа. Ҷыдала иалкаатәуп шәара ахәаҧшцәа рахь ишәымаз абзиабара, дарбанызаалак дагәыланамхаларц залшомызт аҧсуа театр асценаҟны инашәыгӡоз арольқәа. Урҭ рхыҧхьаӡараҿ иҟоуп: «Ажәеиҧшьаа рҭыҧҳа» Р. Џьопуа, «Ахрашәа» Б. Шьынқәба, «Асас» А. Мықәба, «Аӡыхь ашьҭабжь» Шь.Аџьынџьал уҳәа убас ирацәаны аспектакльқәа рҿы иаԥышәҵаз ахаҿсахьақәеи, ароль хадақәеи рыла ахәаҧшцәа шәыршанхахьеит. Шәара аҧсуа театр аҭоурых аҟны шьаҭа мырӡганы наунаӡа шәаанхоит.

Ишәзеиҕьасшьоит ашықәс нҵыра, агәабзиара, агәамч, шәрыгымзааит шәҭаацәа. Ҽаанбзиала шәнеиааит!»